Статьи

Ақыҭа арҵаҩы дышьҭыхтәуп 02.08.2010

Ақыҭа арҵаҩы дышьҭыхтәуп

Автор: Гугуца Џьыкьырба

Цәышба - Смыр Асида Дмитри-иҧа диит Гәдоуҭа ақалақь аҟны, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы, хәҩык ахшара ран, 15 шықәса ашкол аҟны рҵаҩыс аус зухьоу, хәышықәса раахижьҭеи ҟәланырхәатәи абжьаратә школ адиреқторс иҟоу.

- Асида Дмитри-иҧҳа! Арҵаҩра агәыбылра шәзыркыз, уи азанааҭ ахь шәхьазырҧшыда!

- Зегь раҧхьа игылоу сани саби. Сан - Лакәиа Сариа ашкол аҟны аҵара бзианы изҵаз рсиаҿы дыҟан. Усҟан рҵаҩыс илымаз Платон Семион-иҧа Шьаҟрыл ирэхәаҧхьыӡқәа зну ақьаадқәа иахьагьы иҳамоуп. Саб Дмитри усҟантәи аам-ҭазы имаз аҵара ҕәҕәан. Убри аҟынтә ҳаҩны ашә-ҟәы ахьӡ шьҭыхын. ҳҭынчны ҳанаатәоз ахәыҷ-қәа ҳзы иҵәахны ирымаз ашәҟәқәа аҧхьаразы иҳарҭон. Иамыҧхьоз иусқәа цәгьахон, убри аҟнытә ахәыҷқәа зегьы ҳадҵақәа наҳагӡон.

Арҵаҩра агәыбылра ашкол сышҭаз искхьан. Сара саҳәшьцәа еиҳабацәа аус руан ашколқәа рҟны, урҭ еснагь срыҵашьыцуан. Дара иалырхыз амҩа саргьы санылеит.

- Асида, аҧсҭазаараҿы бызҿыҧшуа ибымада!

- Сара сзы иҿырҧшыгоу сани саби, жәҩык ахшара ҳрааӡеит, иреиҳау аҵараиурҭақәа ҳрыл-дыргеит зегьы, ҳшьапы ҳақәдыргылеит. Ақалақь аҟны ҳанхон, аха урҭ рыбжьы аӡәы имаҳаит. Урҭ напышьашәала аус уны, адунеи иалаз ахаара ҳдырбеит. Рыҧсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадан аҧсуара, аҵара, адырра, аҭаацәара бзиа аҧҵара!

- Асида аҭаацәара баналалоз бқәыҧшын, аҩба-тәи акурсаҿы бтәан. Излабылшазеи аҭаацәара бзиаӡа аҧҵареи, бҵара анагӡареи!

- Ауаҩы дзырҧшӡо аҳәоуеиқәшәароуп. Ақа-лақь аҟны изызҳаз аҭыҧҳа ақыҭаҿы илзымдыруа рацәоуп. Санхәа Еныкь Бабулиа (саҭамыз лыхьӡи лыжәлеи еидкыланы иахьысҳәаз9 аҳкәажәуп. Уи саалгәыдкыланы схәыҷәқәеи сареи ҳлааӡеит. Арҵаҩрагьы саллыргеит, аусурагьы сышә ҟьа-ҟьаӡа иаалыртит.

- Хәҩык ахшара рааӡара хымҧада иуадаҩуп. Ааӡараҿы еиҳа аҧыжәара змада! Бара бакәу раб иакәу!

- Раб, ааӡараҿы иара иоуп иаҳа аҕьыра зду. Урҭ еснагь илаҧш рхын, рааигәа дыҟан ианакәы-залаак иахьыҟаз, изҿыз идыруан. Иахьа ҧшьҩык аҧацәа раб игәамҧхо, ииҭахым рдыруеит, иҟар-ҵаӡом.

- Иура, уара аибашьраҿы ҩынтә ухәын, уашь-цәа Едик, Алик, Гарик, Витали, зегь шәеибашь-уан. Шәыҧсҭазаараҿы ишәҧылан, шәеибашьра иахаҵгылаз, шәызгәалазыршәо аӡәыр дыҟоума!

- Зыҧсы ҭаны инхаз аибашьҩы иахьцалак ихы дахәоит. Сара исҭахуп иҳавыршьааз ҳҩызцәа аҧсҭазаараҿы хашҭра рықәымкәа иаанхарц, урҭ ирзаанхаз аҭаацәақәа ирхаҵгыларц, иргәала-дыршәарц.

- Асида бара бырҵаҩратә ҧсҭазаараҿы иха-доуп ҳәа ибыҧхьаӡои!

- Сырҵаҩратә ҧсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоуп аус гәыкала азнеира. Аҵаҩцәа рдыррақәа реи-зырҳара, ашкол раҧхьа иҭалаз ахәыҷы игәазы-ҳәара азҿлымҳара аҭара. Арҵаҩы идыррақәа аҵаҩы ииҭартә еиҧш алшара иҭара.

- Ишҧаҟоу иахьа арҵаҩы ироль аҭаацәарақәа рҿаҧхьа!

- Арҵаҩы дларҟәуп иахьа аҭаацәара рҿаҧхьа. Шәазхәыц аҵара зҵо аҵаҩы аҧара иааиго ала шаҟа дларҟәу, уигьы азмырхакәа арҵаҩы аҳәын-ҭқарра илнаҭо ауалафахәы зынӡа имаҷуп. Иахьа ҳашҧарыхцәажәо ақыҭаҿы аус зуа арҵаҩцәа. Акызаҵәык исзеилымкаауа, ақыҭараҿы аус зуа дызлеицәоузеи ақалақь рҵаҩы лаасҭа!! Иахьа аҭагылазаашьа злаҟоу ала, II сортқәаны ирых-цәажәоит ақыҭа школқәа рҿы аус зуа. Иагьа-раангьы ақыҭа рҵаҩы дышьҭаҳамхыр ҳқыҭақәа ҳацәҭацәуеит. Убри аҟнытә, иҳалшо зегь наҳаг-ӡароуп ақыҭа рҵаҩы лыхьчареи, ақыҭа школ амыркрази, амырӡрази.

- Аҧсны Ахада Багаҧшь С.У. иқәгылараҿы иҳәеит аҵаҩцәа маҷны изҭоу ашколқәа еид-ҵатәуп ҳәа. Бышҧахәаҧшуеи бара уи азҵаара!

- Сара сгәанала асовет аамҭазы арҭ ашколқәа аазыртуаз гаӡаӡамызт. Сара сышкол иҭоуп ҷҵ-ҩык. Нас ашкол аҳаркыр иабацои урҭ ахәыҷқәа!! Шаҟаҩы ыҟазаалакь ашкол аркӡтәам, иахьаҳа-ркыз ақыҭагьы ашә аҳаркит ауп. Ашкол ашҭа ахәыҷқәа ҭубаауеит, есныҳәа абаҟақәа ҳарҭаа-уеит иҭахаз рҭаацәарақәа шаҳгәалашәо дҳар-дыруеит. Иазхәыцда ари азҵаара инарҵауланы!! Иҟалома еимгеимцаракны ари аус аӡбра! Сара уи саҿагылоуп.

- Шәышкол аушьҭымҭацәа иреиҳау аҵа-раиурҭақәа ирҭалома! Шәара ишәыхшаз хәҩык ҟәланырхәа иҭоума!

- ҳашкол аушьҭымҭацәа реихьӡарақәа даара ибзиоуп. Ргәыбылра зду ашкол ахьгьы игьежь-уеит. ҳашкол аҟны арҵаҩцәа зегьы ыҟоуп. Урҭ Гәдоуҭантә иаауеит.

Арҵаҩцәа ргара-раагарҿы ацхыраара дуӡӡа ҟаиҵоит араион ахада Возба Даур Гурам-иҧа, иара убас арҵага, аметодикатә шәҟәқәа рыла ишилшо дҳавагылоуп Гәдоуҭа араион аҵарҟәша аиҳабы Цыгәба Алик Закан-иҧа. Ашкол акәша-мыкәша, иара ус акы еиҿаҳкаауама сабашәҭаху ҳәа дҳавагылоуп араион адепутат Смыр Костиа.

ҳара ҳхәыҷқәа рызегьы изылгаз ҟәланырхәа-тәи ашкол ауп. Абыржәы шаҟаҩы аҵара рҵо, убри аҟара ақалақь ахь иганы иҭарҵоит. Избан-зар иахьатәи ахәыҷы ашкол инаҭо амацара из-хаӡом, уи ус еиҧш аҭагылазаашьа иаҳҭароуп ашкол ашьҭахьтәи ихәыҷратә ҧсҭазаара ақа-лақьтә хәыҷы иҵамхо. Даэакала иаҳҳәозар, акомпиутертә классқәа, акультуратә хәыш-ҭаара… ҳазегь иаҳҳәо ҳқыҭақәа аҧсра иаҿуп ҳәа ҳааҟәымҵӡакәа ҳцәажәоит, ажәа дуқәа, ажәа ҧшӡақәа ҳҳәоит. Иҟаҳҵазеи урҭ реиқәырхаразы, рмырӡразы!! ҳаиҳабыра ршьапы иқәгыланы ақыҭа шьҭырхроуп, мамзар аусқәа зынӡа ицә-гьахоит! Иара угьы абнақәа иаҳхысны иҟоу, ҳқыҭақәа зегьы жәырҭрахоит… ҳазегьы ҳхы еибыҭаны ақыҭа азҵаара ҳадгылароуп. Еиқәҳар-хароуп.

- Асида бара ҟәланырхәатәи ақыҭа школ бахагылоуп. Ибзымхои, бзынхьаауеи напхгаҩык иаҳасабала!

- Исзымхо зегь араҟа салагом, аха сҵаҩцәа зылхәдахаз аспортзали акомпиутертә класси срызхьаауеит. ҳара ҳхаан аҵаҩцәа зегьы ҳны-ҟәон аспортзалқәа рахь, аицлабрақәа ҳрыла-хәын. Иахьа ақыҭа хәыҷы аҟыбаҩ ҷыда имоуп, аха уи даҳхашҭит, даанҳажьит… Исҭахуп ахәыҷ-қәа зегьы аҧеиҧш бзиа рыцзарц. Ашколқәа рҿы ахаҧшьгаратә коллективқәа еиҿкаазарц, ус фа-культатив ҳасабла, мамзаргьы иалагалазарц ашәаҳәареи акәашареи, избанзар аҧсуа жәлар рашәақәа ыӡуа иалагоит ахаангьы иаҳзышьа-қәыргылом…

- Ишҧеиқәырхоу бара бзыҩнагылоу аҭаацәа-раҿы аҧсуара! уи иацу акәамаҵамақәа зегьи ар-ҵаҩреи бзеилагӡома!

- Сзыҩнагылоу аҩнаҭа жәытәнатә аахысижь-ҭеи ачеиџьыка, аламыс, аҧсуара назыгӡо ҭаацәа-роуп. Саргьы урҭ аҵасқәа даара бзиа избоит, иахьынӡасылшо инасыгӡоит. Сабхәа иҿаҧхьа сымтәаӡеит, сагьымцәажәаӡеит. Иахьагьы саб-хәында аиҳабы иаҧхьа сцәажәаӡом. Сара сыз-лыҵыз аҭаацәарагьы урҭ аҵасқәа ирықәныҟәон. Сабхәарааи сабрааи акыр шықәса аахысижьҭеи ирыбжьан апатуеиқәҵара. Урҭ аҩҭаацәарак арахә рацәаны ианырҵон, ашьха еицхалон. Усҟан сара хышықәса схыҵуан. ҳаибадырра ахы акит уантә, Сара аҧсуара иацу арҵаҩра инад-ҳәаланы схәыҷқәа ишрызназго еиҧш, сҵаҩцәа-гьы ирызназгоит. Уи сыцымхраазар исзеицәам-хеит…

Аҧсуа қыҭаҿы, идуу аҭаацәараҿы, аб игәара-ҭаҿы иуадаҩӡами аҟазаара! Инеиуа зегьы ргәы аҟаҵара, рхаҵгылара рымаҵ аура. Аҟазшьа аэа-қәыршәара цәгьаӡами!

Зегьы анеизауа ныҳәак иаҳзаҩызоуп. Зегьы рыҩноуп иахьыҟоу, иаҭаху зегьы ҳаицхырааны еицыҟаҳҵоит, акгьы уадаҩӡам ҳәоуеиқәшәарала аҩны уаныҩноу. Аӡәгьы иҟазшьа араҟа иаирҧш-ӡом, гәалак ыҟазаргьы наҟ џьара иааныжьны иаауеит.

- Бара бзеиҕьашьарақәа.

- Зегьы раҧхьа иргыланы аҭынчра, агәаб-зиара, амал. Арҵаҩы дахьыҟазаалак иџьабааҧса ахә ҳаракны ашьара, ҳашколқәа реиҭарҿыцра. Аҵаҩы дзыҩнало ашкол игәы ахылартә аҟаҵара. Арҵаҩцәа рыцҳацәақәак реиҧш ирыхәамҧшуа, урҭ раҳаҭыр ашьҭыхра. Аҵарадырра иақәнага-хаша азакәан адкылара. Ақыҭа школқәа рзы иҷыдоу ҳәынҭқарратә прогараммак аҟаҵара. Аӡәи-аӡәи рыпату еиқәҵара мыӡуа. ҳаҧсадгьыл аҧсуаа агымкәан Анцәа иҳәааит!

Возврат к списку