Залы славы


Саида Бадра-иҧҳа Делба

Саида Бадра-иҧҳа Делба диит Тҟәарчал ақалақь аҿы 1965ш.

1982 шықәсазы ашкол даналга, дҭалоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет.

1985 шықәсазы Саида диаган Москватәи Аҳәынҭқарратә университет ахь. 1987 ш. уи деиҭаисит (студентк лыҳасабла) Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет ахь, дагьалгоит 1989 ш. 1990 шықәсазы уи аусура далагеит Дәрыҧшьтәи абжьаратә школ аҿы.

1991 ш. Гәдоуҭа агазеҭ “Аублаа” хацзыркыз дреиуан, редакторсгьы даман.

Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан Мрагыларахьтәи афронт Мыркәылатәи абатальон аҿы медицинатә еиҳәшьас дыҟан.

Саида Делба дҭахет Мыркәыла ақыҭан, абҵара 30, 1192 ш. Аибашьраҿы иаалырҧшыз афырхвҵаразы иланашьоуп “Леон иорден”.

Саида дахьымӡаӡеит ишахәҭоу еиҧш лажәеинраалақәа лнапы аҵхра, ахҩаалахагьы лмоуит.

Ишылыҩҩуаз иҟоуп; акы, акы агым. Уи лажәеинраалақәа еиҧш акьыҧхьгьы рымбеит, ишыҟалакгьы иҳагхаз апоет лҿаҧхьа. Лыҧсы анҭаз иҳазламҳәаз, ҳазхьымӡаз уажәы иаҳҳәарц ҳалагеит аха...Еиҭах аха... Избан ауаҩы даныҧслак ашьҭахь ирҿиара узазҿлымҳахо? Иҧсы анҭаз иулшозҭгьы амаҷ, урҭ ркьыҧхьра зҳалымшеи?

Саида аӡгьы длеиҧшӡамыз, леилкаарагьы уадаҩхеит, еиҳагьы ианымариаз даҳзеилымкааӡеит.

Агәыи-аҧси ирыбжьоу абжьы ҵаҕа ажәак ала иуҳәарц уҭахызар уи лпоезиа зегьы ауп.

Жәҩанк аҧҽыхақәа
Мшынк иахыҧсалоуп
Исхыҵҵәҟьо здыруада
Сеидроу

Ухала ухы ушацәажәо
Акырӡа унаскьароуп
Амҩа уахьнанаго сеидроу